Домой Администрация Гагрского района Гагра араион ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҿынтә ахақәиҭтәра 32 шықәса ахыҵразы Гагра араион ахадара...

Гагра араион ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҿынтә ахақәиҭтәра 32 шықәса ахыҵразы Гагра араион ахадара аиҳабы Иури Хагәышь идныҳәалара:

«Ҳаҭыр зқәу аветеранцәа! Гагра араион иқәынхо ауааҧсыра!

Гәыкала ишәыдысныҳәалоит Гагра араион ахақәиҭтәра амш! Раҧхьатәи Аиааира аҧсуа жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраҿы ҳҭоурых азы акраҵанакуеит.

Жьҭаарамза 6 рзы игаз Аиааира анаҩстәи ҳиааирақәа иршьагәыҭхеит! Аамҭа цәгьа ҳанҭагыла ҳхала ҳаанымхеит, ҳашьцәа Нхыҵ Кавказаа рыжәҩахыр ҳарӷәӷәеит.

Гагра иахьа аҿиареи аизҳареи рымҩа иануп! Ҳаиҳабацәа рааԥсара башаҳтәуам! Шәҿаҧхьа схырхәоит анацәа — Ачҳара ду аазырҧшыз!

Хашҭра рықәлом Аиааира ҳзаазгаз афырхацәа! Нагӡара ақәзааит шьала иаагоу Аиааира!

Нагӡара ақәзааит Аҧсны ахьыҧшымра!»