Гагра араион ахадара аиҳабы Иури Хагәышь арҵаҩцәа рзанааҭ амш рыдиныҳәалеит:

«Ҳаҭыр зқәу аҵара-ааӡара ус иазааԥсо зегьы! Ишәыдысныҳәалоит шәзанааҭ амш ныҳәа!

Шәааԥсара ҳәаа амам! Шәҿаҧхьа схырхәоит Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан ҳаҧсадгьыл ахақәиҭреи ахьыҧшымреи зхы ақәызҵаз аҵеицәа зааӡаз арҵаҩцәа, зкалам ааныжьны аибашьра ахы иаҿагылаз арҵаҩцәа!

Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит Аҧсны азы ихьанҭаз аамҭақәа раан шәара шәус иахьацышәҵоз. Ҳара шәааҧсара пату ҳзақәуп. Шәџьабаа ахә зшьо шәҵаҩцәеи шәоушьҭымҭацәеи рыбзиабара шәыцуп еснагь.

Агәра ҳгоит иахьатәи шәҵаҩцәа Аҧсны иаҧсоу ҵеицәаны ишазгыло.

Ҳаҭыр зқәу арҵаҩцәа, шәзанааҭ амш ныҳәа аҽны ишәзеиӷьасшьоит агәабзиареи аманшәалареи. Шәҭаацәеи шәареи шәеигымыз. Иҧшьоу шәус аҟны ақәҿиарақәа шәыцыз!»