В Гагре почтили память павших в Мартовском наступлении

Иахьа иҵит 30 шықәса, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аҭоурых аҟны аҭыҧ ҷыда аанызкыло хәажәкыра 15-16-тәи ажәылара аахыс. Арҭ ишьаарҵәыраз амшқәа рыҧсҭазаара ҿахнаҵәеит шәҩыла ҳҵеицәа.

Гәымсҭатәи афронт аҟны хәажәкыра 15-16 рзы иҭахаз ҳаибашьцәа ргәаладыршәеит Гагра ақалақь. Ахьӡ-аҧша абаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит аибашьра аветеранцәа, иҭахаз рҭаацәа, Гагра араион анапхгара, адепутатцәа, анаплакқәеи аусбарҭақәеи реиҳабацәеи рхаҭарнакцәеи, ашколхәыҷқәеи астудентцәеи.

Хәажәкыратәи ажәылара ҳар ирықәымҿиазаргьы ирнаҭеит ҧхьаҟатәи аиааира зырааигәаз аибашьратә ҧышәа.


В Гагре почтили память павших в Мартовском наступлении. В церемонии возложения приняли участие ветераны войны, семьи погибших, руководство района, государственные организации и учреждения, учащиеся школ.