Иахьа Гагратәи апарк аҿы ишьақәгылоу абаҟа амҵан Аурыс-Кавказтәи аибашьреи уи иахҟьаз амҳаџьырреи ирылаӡыз ҳауаажәлар ргәалашәаразы ашәҭшьҭаҵара мҩаԥган.
Аусмҩаԥгатә рҽаладырхәит хыԥхьаӡара рацәала ҳауаажәлар.
Ацеремониа рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, аԥыза-министр Владимир Делба, араион анапхгара.
Иара убас еизаны иҟан араион аҳәынҭқарратә маҵзурақәа русзуҩцәеи рнапхгаҩцәеи, ашколқәа рырҵаҩцәеи аҵаҩцәеи.
В Приморском парке состоялась церемония возложения цветов к памятнику махаджирам, посвящённая Дню памяти жертв Кавказской войны. Мероприятие собрало множество участников.
В церемонии приняли участие вице-президент Беслан Бигвава, премьер-министр Владимир Делба и руководство района.
Также присутствовали руководители и коллективы государственных служб района, учителя школ и ученики.