
Акыр иаԥсоу Гагра араион арҵаҩцәа!
Ишәыдаҳныҳәалоит арҵаҩы имш ныҳәа!
Шәара шәусура ҳауаажәлари ҳҳәынҭқарреи ԥхьаҟатәи аԥеиԥши аизҳазыӷьареи шьаҭас ирымоуп.
Шәара шәзаанаҭ еснагь иацуп ачҳара, агәыҳалалра, аҟәышра. Шәыбзоурала аҵаҩцәа алшара рымоуп рбаҩхатәра аарҧшра, рҵарадырра аизырҳара, аҧсҭазааратә ҧышәа аиура. Шәааԥсара иабзоураны ҿыц еиҵагыло абиԥарақәа ӷьацоит, ишьақәгылоит. Ишәааӡо аҿар роуп уаҵәтәи ҳаԥсадгьыл аҿиара, аԥсуа культура аиқәырхара, ҳхьыԥшымра арӷәӷәара знапы иану.
Шәара ахәыҷқәа аҵареи, ҳаԥсадгьыл абзиабареи, аԥсуаа ҳҵаси ҳқьабзи рахь ихьашәырԥшуеит, азҿлымҳара рылашәааӡоит.
Иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит шәааҧсаразы, шәџьабаазы, ахәыҷқәа рахь ишәымоу азнеишьазы. Ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, анасыҧ лаша, аихьӡарақәа, шәнапы злаку шәус аҟны ақәҿиарақәа!
Арҵаҩ имш шәадныҳәалазааит!
Гагра араион Ахадара аиҳабы Хагәышь И.Л.
Уважаемые учителя Гагрского района! Поздравляю вас с профессиональным праздником — Днём учителя!
Ваш труд – это основа будущего нашего общества и процветания Абхазии. Благодаря вашему терпению, мудрости и неустанной работе формируется молодое поколение, готовое развивать нашу землю, сохранять её культуру и укреплять независимость.
Вы не просто даёте знания, вы воспитываете в детях любовь к учению, к нашей родной Абхазии и её великим традициям, формируете граждан, преданных своей стране и народу.
Желаю вам крепкого здоровья, счастья, благополучия.
Спасибо за ваш бесценный вклад в образование и воспитание!
Хагуш Юрий Львович
Глава администрации Гагрского района.