Поздравление с Днём Победы и Независимости Республики Абхазия

Иури Хагәышь 1992-1993 ш. Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа, Гагра араион ауааҧсыра, Аҧсны жәлар Аиааиреи Ахьыҧшымреи рымш рыдиныҳәалеит.

Адныҳәалараҟны, ҷыдала, иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Гаграа, ҳаҭыр зқәу Аҧсны жәлар! Акыр иаҧсоу аветеранцәа!

Араион администрациа аколлектив ахьӡала, хаҭала сара сҟынтә гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит Аҧсны жәлар аџьынџьтәылатә еибашьраҟны иргаз Аиааира 27 шықәса ахыҵра Амш!

Рыхьӡ кашәара ақәым абри амш иахьымӡаз, здунеи зыҧсахыз афырхацәа! Урҭ рфырхаҵара ахааназы ҳажәлар ргәалашәараҿы иаанхоит! Ҳара ҳрызгәдууп ҳажәлар, хыҧхьаӡарала акырӡа иҳаиҳаз аҕа иҿагыланы ахақәиҭреи ахьыҧшымреи ҳзаазгаз ҳаибашьцәа хьӡырҳәагақәа.

Аиааира агара алыршахеит ҳажәлар ракзаара иабзоураны, иахьагьы ҳтәыла аҿиаразы, аизҳазыҕьаразы ҳажәлар аӡәыкны еидгылароуп. Ҳажәҩахыр еибаҳҭароуп ҳақалақь, ҳтәыла иамоу алшарақәа реихаҳаразы, аҿиара, аизҳазыҕьара амҩа ианыларазы!

Акыр иаҧсоу ҳауаажәлар, гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит иахьатәи аныҳәа ду – Аиааиреи Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахьыҧшымреи рымш!

Иҟазааит наунагӡа Аҧсынра! Иагымзааит ҳадгьыл аҭынчра!»


Юрий Хагуш поздравил ветеранов Отечественной войны народа Абхазии 1992-1993 гг., жителей Гагрского района, народ Абхазии с Днём Победы и Независимости Республики Абхазия.

В поздравлении, в частности, говорится:

«Уважаемые жители города Гагра и Гагрского района, народ Абхазии! Дорогие ветераны!

От имени коллектива администрации района и от меня лично примите искренние поздравления по случаю 27 годовщины Победы в Отечественной войне народа Абхазии!

Вечная слава героям не дожившим до этого дня! Их подвиг навсегда останется в благодарной памяти народа! Мы гордимся нашим народом, нашими отважными воинами отстоявшим свободу и независимость в войне против превосходившего в численности и вооружении противника.

Единство народа стало решающим фактором Победы, единство народа сегодня, является важнейшим условиям для гармоничного и устойчивого развития нашей страны. И наша с вами задача приложить все усилия для того, чтобы сделать наш город и страну сильной и процветающей!

С Днём Победы и Независимости Республики Абхазия дорогие друзья! Мира и добра всем!»

С уважением и.о. главы администрации Гагрского района Хагуш Ю.Л.